Аофициалтә дыррақәа рыла, Ҳамас ажәылараан иҭахеит 1008-ҩык
Аофициалтә дыррақәа рыла, Ҳамас ажәылараан иҭахеит 1008-ҩык

Ҳамас ажәылараан иҭахеит 1008-ҩык. Аихқәа ишаарыцҳаз, адырра аланарҵәеит ЕАШ иҟоу Израиль ацҳаражәҳәара.

Ацҳаражәҳәара аинформациала, ахәрақәа роуит 3418-ҩык. Уаанӡа Израиль ахыхчаратә Ар аҟынтә ишаарыцҳаз, иҭахеит 123-ҩык аибашьцәа. 150-ҩык Израиль атәылауаа Газа асектор ахь имҵадырсит.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Израиль Атәылахьчара аминистрра урҭ рҟынтә 50-ҩык рҭаацәрақәа рҟны аимадара амоуп.