Антониу Гутиереш – Израиль жәларбжьаратәи азин инақәыршәаны ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа нанагӡароуп
Израиль жәларбжьаратәи азин инақәыршәаны ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа нанагӡароуп, – иҳәеит ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутиереш.
„Израиль жәларбжьаратәи азин инақәыршәаны ахы иаднаҵаз аҧхықәрақәа нанагӡароуп, еизышәаны амч ахархәареи арратә операциақәа раан аҭынчуааи атәылауаҩратә обиектқәеи рыхьчареи еиқәдыршәароуп“, – азгәеиҭеит Гутиереш.
Иара ишиҳәаз ала, Ҕазантә Израильҟа аракетақәа рдәықәҵара дақәыӡбоит, избанзар ари афакт жәларбжьаратәи азакәан еиланагоит, палестинатәи, иара убас, израильтәи атәылауаҩратә хаҿқәа рзы шәарҭоуп.
ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада атәылауаҩратә хаҿқәа рҭахара дақәыӡбан, ишиҳәаз ала, абри зегьы „зыҧшра ҟамҵакәа аанкылатәуп“.
ЕАР ишьақәнарҕәҕәеит 15ҩык палестинаа рҭахара, урҭ иреиуп жәаҩык аҭынчуаа, урҭ рыбжьара ҧшьҩык ахәыҷқәагьы.