Антониу Гутереш  - Абҵара 7 рзы „ҲАМАС“ иҟанаҵаз акаамеҭ арқьиара ҟалом
Антониу Гутереш  - Абҵара 7 рзы „ҲАМАС“ иҟанаҵаз акаамеҭ арқьиара ҟалом

 

Израили „ҲАМАСи“ реиҿагылара иалагеижьҭеи фымз ҵит,  – иҩит ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутереш асоциалтә аҳаҿы.

Авидеонҵамҭаҿы Гутереш ишиҳәаз ала, абҵара  7  рзы 1 200ҩык ауааҧсыра гәымбылџьбарала иршьит, ЕАР ари азҵаара даараӡа иаргәамҵуеит.

„ Абҵара 7 рзы „ҲАМАС“ иҟанаҵаз акаамеҭ арқьиара ҟалом. Ацәаҧҽра, аргәаҟра, аҭынчуаа рыхәра, рымҵарсра, атәылауаҩратә обиектқәа ржәылара уҳәа, абарҭ ацәгьаурақәа даараӡа ҳаргәамҵуеит.  „ҲАМАСи“ егьырҭ бџьартә гәыҧқәеи рахь ааҧхьара ҟасҵоит уажәгьы рнапаҿы иҟоу атҟәацәа иоурыжьҭырц“,- иҩит Гутереш асоциалтә аҳаҿы.