Антонио Гутиереш - ЕАР иалшо зегь ҟанаҵоит Мариуполь аҟынтә ауаа ревакуациа азы
ЕАР иалшо зегь ҟанаҵоит Мариуполь аҟынтә ауаа ревакуациа азы, – иҳәеит Еар амаҿаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереш Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр СЕргеи Лаврови иареи еицымҩаԥыргаз апрессконференциа аҿы.
„Агуманитартә зҵаарақәа аус рыдуларатә гәыԥ ашьаҭаркра аԥшьгарала сықәгылоит. Агәыԥ ЕАР, Аџьар Ҟаԥшь, урыстәылатәии украинатәи аганқәа иалалоит“, – иҳәеит Гутиереш.
Гутиереш иажәақәа рыла, Мариуполи азауад “Азовстали” рҟынтә ауаа ревакуациа алшара иҟазароуп.