Анналена Бербок - Хара имгакәа Украина Европатәи ахеилак арҕәҕәоит, Молдовеи, Қырҭтәылеи Мраҭашәаратә Балканқәа атәылақәеигьы Евроеидгыла алалара аперспектива рымазароуп
Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Анналены Бербок лҳәамҭала, хара имгакәа Украина Европатәи ахеилак арҕәҕәоит. Иара убас, лара Урыстәыла иаҿагыло аибашьраҿы Украина ацхраара дазыразуп. Бербок ишазгәалҭаз ала, Молдовеи, Қырҭтәылеи Мраҭашәаратә Балканқәа атәылақәеигьы Евроеидгыла алалара аперспектива рымазароуп.
Аналена Бербок ари аҳәамҭа ҟалҵеит «Аидгыла 90/Аиаҵәақәа» аконгрессаҿ данықәгылоз, уаҟа 2024 шықәсазы имҩаҧысраны иҟоу Европарламент алхрақәа апрограмма иалацәажәон.
Германтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Евроеидгыла аиҭакразы ааҧхьара ҟалҵеит.
«Иахьа лабҿаба иубарҭоуп хара имгакәа Украина Евроеидгыла ишарҕәҕәо. Евроеидгылахь Украина алалара ҳгеополитикатә интересқәа ирыҵанакуеит. Европаҿ уаҳа азона цәышқәа ҟамлароуп», — илҳәеит аминистр.
Иара убас, Бербок ишазгәалҭаз ала, Урыстәыла Евроеидгыла акзаара арбгара иазҿлымҳауп.
«Аҵыхәтәантәи аамҭазы, Ааигәатә Мрагылараҿ аҭагылазаашьа амшала, ҳакзаара аҧышәара ҳақәшәеит. Аиашаз, ари азҵаара иадҳәаланы, европауаа рҳәатәы анеиқәымшәозгьы иҟан», — илҳәеит Бербок.