Анналена Бербок Израиль дыҟоуп
Анналена Бербок Израиль дыҟоуп

Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Анналена Бербок Израиль дыҟоуп.

Аминистр апрессконференциа аҿы ишылҳәаз ала, Миунхен цәыббра 5 рзы Израиль ацҳаражәҳәараҿ аҭыԥ змаз ажәылара “ицәгьоу епизодуп”.

Германтәылатәи адипломат ишылҳәаз ала, антисемитизм аԥырҟәҟәааразы илылшо зегь ҟалҵоит.

2023 шықәса цәыббра 7 рзы “Ҳамас” Израиль аганахьала имҩаԥнагаз ажәылара ҟалеижьҭеи Бербок Ааигәа мрагылара раԥхьаӡа даҭааит.

Анналена Бербок Израиль Адәныҟатәи аусқәа рминистри Палестина аԥыза-министри дырԥылеит.