Анна Фотыга – Ника Гварамиа ашьауҕа иқәхра адеполиаризациеи, агәаанагара аарҧшра ахақәиҭреи, АИХ ахақәиҭреи азы акрызҵазкәа шьаҿоуп

18:35, 23.06.2023

Европарламент алахәыла  Анна Фотыга  Twitter аҿы Ника Гварамиа ашьауҕа иқәхра афакт дахцәажәеит.

Лара ишылҩыз ала, Қырҭтәыла адеполиаризациа ахырхарҭала даҽа шьаҿак ҟанаҵеит.

«Евроатлантикатә интеграциа ахырхарҭала Қырҭтәыла иҟанаҵо ашьаҿа цыҧхьаӡа сеигәырҕьоит.  Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы Қырҭтәыла иадҳәаланы ауадаҩрақәа шыҟазгьы,  атәыла евроатлантикатә астратегиатә хырхарҭеи аинтеграциа аццакреи атәыла аиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы амазаауеит ҳәа сгәыҕуеит. Хәажәкыразы ақырҭуа жәлар ргәалаҟазаара аабеит, уи агәыҕра снаҭоит. Иара убас, Ника Гварамиа ашьауҕа иқәхра сазыразуп, избанзар уи адеполиаризациеи, агәаанагара аарҧшра ахақәиҭреи, АИХ ахақәиҭреи азы акрызҵазкәа шьаҿоуп», — илҩит  Фотыга.

 

Еиԥшу