«Ҳара ақырҭуа жәлар ргәыҧжәара анагӡара ҳгәы иҭоуп», — илҳәеит акаолициа «Қырҭтәыла ҕәҕәа» алахәыла Анна Долиӡе ажурналистцәа данрцәажәоз.
«Иахьа ақырҭуа жәлар ргәыҧжәара зланаҳагӡо аплан ҳалацәажәоит», — илҳәеит Анна Долиӡе.
Долиӡе лажәақәа рыла, иахьа, асааҭ 20:00 рзы, аоппозициаа ажәлар ирызцәырыргоит алхрақәа рҧаршеира ашаҳаҭгақәа. Иара убас, Долиӡе ишылҳәаз ала, аоппозициаа, атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы иҟарҵараны иҟоу иалацәажәоит.
«Ашаҳаҭгақәа реизгара апроцесс хыркәшоуп. Иахьа асааҭ 20:00 рзы, ажәлар ирызцәыраагоит алхрақәа рҧаршеира ашаҳаҭгақәа. Иара убас, хара имгакәа атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы иҟаҳҵараны иҟоу ҳалацәажәоит. Ари азҵаараҿы Қырҭтәыла ахада дҳадгылоуп, уи даараӡа ҳаигәырҕьоит, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, абри аплан азы аҿаҵа ҳарҭеит ақырҭуа жәлар», — илҳәеит Долиӡе.