Анкара авиакосмостә ааглыхразы еилахәыра аганахьала имҩаԥгаз атерористтә жәылара ашьҭахь, Сҭамԥылтәи аҳаирбаӷәазақәа рҿы ашәарҭадарадырӷәӷәеит
Анкара авиакосмостә ааглыхразы еилахәыра аганахьала имҩаԥгаз атерористтә жәылара ашьҭахь, Сҭамԥылтәи аҳаирбаӷәазақәа рҿы ашәарҭадарадырӷәӷәеит, – аарыцҳаит ҭырқәтәылатәи аихқәа.
Сҭамԥылтәии Сабиҳа Гоқчентәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазақәа рыҩналарҭақәеи ралҵырҭақәеи рҿы амашьынақәа гәарҭоит, апассаџьырцәеи реидареи ргәаҭара дырӷәӷәеит.
Сабиҳа Гоқчентәи аҳаирбаӷәаза администрациа ауааԥсыра агәҽанҵара рнаҭоит ареис хсааҭк шагу аҳаирбаӷәаза ашҟа инеирц.