Анџьеи  Дуда - Украина иазханаҵароуп Аҩбатәи адунеитә еибашьраан украинатәи анационалистцәа  100 нызқьҩык аполиакцәа шыршьыз
Анџьеи  Дуда - Украина иазханаҵароуп Аҩбатәи адунеитә еибашьраан украинатәи анационалистцәа  100 нызқьҩык аполиакцәа шыршьыз

Польша ахада Анџьеи  Дуда иҳәамҭала,  Украина иазханаҵароуп Аҩбатәи адунеитә еибашьраан украинатәи анационалистцәа  100 нызқьҩык аполиакцәа шыршьыз

Дуда ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Волынтәи арыцҳара инаркны 79 шықәса аҵра инамаданы. Волынтәи арыцҳара ҟалеит  1943 шықәсазы, анацистцәа рыла импыҵахалаз Польша аҵакырадгьылаҿ.

Польша ахада ишазгәеиҭаз ала,   1944-1945 шықәсқәа рзы Мрагыларатә Галициа иҟалаз ацәгьаурақәа ирызкны  аиаша аарҧштәуп.

АИХ адыррақәа рыла, Польша апарламент аҳәамҭа инақәыршәаны,  Степан Бандереи украинатәи арбџьармчқәеи,  Украина амилаҭтә аиҿкаареи рнапхгарала  1943-1945 шықәсазы  иҟаҵаз ацәгьаурақәа агеноцид адыргақәа рымоуп. Иара убас,  амедиаҿы ишаарыцҳаз ала,  Украина ари атермин аднамкылеит,  Волынтәи ахҭысқәа Польшеи Украинеи реимак ҳасабала иалацәажәоит. Польшатәи аҭоурыхҭҵааҩцәа рҳәамҭала,  Польша имҩаҧнагаз аҭактә операциаан иҭахеит 12 нызқьҩык украинаа.