Анџьеи Дуда - Польша Қырҭтәылеи Молдовеи рыдгылара иазку апланқәа ирықәшаҳаҭуп
«Ауснагӡатәқәа рплан ала Украина адгылара иазку Европа Ахеилак аҽазышәарақәа дрыдгылоит, ари аплан аҭышәынтәалареи аиҭашьақәыргылареи иазкуп, уи даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит ҳаиҿкаара актуалтә аҵакы ду шамоу. Иара убас, Польша, Қырҭтәылеи Молдовеи рыдгылара иазку апланқәагьы ирықәшаҳаҭуп», — иҳәеит Польша ахада Анџьеи Дуда.
Реиквиавик имҩаҧысуа асаммит аҿы Дуда ишиҳәаз ала, Евроеидгылашҟа Қырҭтәыла алалара апроцесс ирццактәуп.
«Польша, изныкымкәа иакымкәа агрессиақәа ирхысхьеит, ҳара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит Украина иҟаҵаз ацәгьаурақәа рзы аҭакҧхықәра аиқәыршәара аҵакы ду шамоу. Изхароу ауааҧсыра зегьы ахьырхәра роуаанӡа, ари арыцҳара зхызгаз ауааҧсыра зегьы акомпенсациа роуаанӡа, ауаатәыҩсара ирҿагыло ацәгьауреи арратә ацәгьаурақәеи иахәҭоу ақәҿыҭра рыҭатәуп. Ауснагӡатәқәа рплан ала Украина адгылара иазку Европа Ахеилак аҽазышәарақәа дрыдгылоит, ари аплан аҭышәынәталареи аиҭашьақәыргылареи иазкуп, уи даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит ҳаиҿкаара актуалтә аҵакы ду шамоу. Иара убас, Польша Қырҭтәылеи Молдовеи рыдгылара иазку апланқәагьы ирықәшаҳаҭуп. Мраҭашәарабалкантәи атәылақәеи, Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи Евроеидгылахь ралалара апроцесс арццакразы аусеицура наҳагӡароуп», — иҳәеит Польша ахада Анџьеи Дуда.