Анџьеи Дуда - Ахада Зурабишвили ишсалҳәаз ала, алхрақәа усҟак афальсификациа рызумыз, аха, даараӡа еицакын, иара убас, лара исалҳәеит Урыстәыла арҭ алхрақәа аҽаланагалоу аҽаланамгалоу
Польша ахада ишиҳәаз ала, иаҭаххар, иара Қырҭтәыла даҭааир ҟалап.
Дуда ари аҳәамҭа ҟаиҵеит польшатәи арадио аинтервиу анеиҭоз.
Польшатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Дуда Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии иареи ҭелла реиҿцәажәара далацәажәеит.
«Ахада Зурабишвили ишсалҳәаз ала, алхрақәа усҟак афальсификациа рызумыз, аха, даараӡа еицакын. Қырҭтәыла адунеи азы зҵакы дуу аҭыҧаҿ ишьҭоуп, ари аҭыҧ астратегиатә ҵакы амоуп, Ирани, Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани ирзааигәоуп, Урыстәыла агәылара иҟоуп, убри азоуп ари ақәҧара абас изыҕәҕәоу. Урыстәыла ари аҭыҧ ампыҵахалара иазҿлымҳауп», — иҳәеит Дуда.
Иара иажәақәа рыла, алхрақәа раан иҟалаз аилагарақәа рымҽхак аилкааразы аусеилыргара мҩаҧгатәуп.
Ажурналист Дуда диазҵааит Урыстәыла арҭ алхрақәа аҽаланагалама ҳәа. Дуда абас аҭак ҟаиҵеит: «Қырҭтәыла ахада уи еилыкка илымҳәеит, избанзар ашаҳаҭгақәа иҟам, аха, шәааи, абас иаҳҳәап, Урыстәыла иадгыло амчра рҽаларгалеит».