«Ақырҭуаа, еиду Европаҿ ҳшәызҧшуп, избанзар, шәара, ашәышықәсақәа рацәа рыҩнуҵҟа европатәи аҭынха шәалахәып, НАТО аҿы ҳшәызҧшуп, избанзар, шәара — ахақәиҭреи, ашәарҭадареи, аҧеиҧш бзиеи зыхәҭоу амилаҭ ҧагьа шәоуп», — иҳәеит Польша ахада Анџьеи Дуда Қырҭтәыла ахьыҧшымра амш инамаданы имҩаҧгаз аныҳәатә уснагӡатә аҿы.
Польша ахада ишазгәеиҭаз ала, Польша аҭоурых аҿы крызҵазкәа аҭыҧ ааныркылоит Польша ар иалаз ақырҭуа офицарцәа.
«Ҳареи ақырҭуааи ахақәиҭра абзиабара пату ақәаҳҵоит. Ҳара изныкымкәа шәхақәиҭреи ҳҳақәиҭреи ҳазықәҧон. Аха, ҳара хаангьы иҳхамшҭроуп знык иуоуз ахақәиҭра наӡаӡа ишыҟамло. Ҳаицтәылауаҩ ду, Иоанн Павел II ишиҳәаз ала, ахақәиҭра ҳарҭеит, аха, аамҭакала, ахақәиҭра ҳнапы ианырҵеит, убри аҟынтә, уи аиҷаҳареи ахьчареи аҭахуп», — иҳәеит Польша ахада.