Анџьеи Дуда - Агәра ганы сыҟоуп Евроеидгыла ашәқәа шаартызаауа, ҳгәаанагарала Евроеидгылахь ирыдыркыло атәылақәа иазгәаҳҭеит, Украинеи, Молдовеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи, насгьы, Қырҭтәылагьы ирыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит
Агәра ганы сыҟоуп Евроеидгыла ашәқәа шаартызаауа, иҳәеит Польша ахада Анџьеи Дуда Краков, Евроеидгыла 10 тәылак рхадацәа иформалым реиҧылараҿы.
Польша ахада иофис адыррала, аиҧылараҿы атрансатлантикатә аидгыла арҕәҕәареи Евроеидгыла арҭбаареи иалацәажәеит.
„Иара убас, ҳара Евроеидгылахь алахәыла ҿыцқәа рыдкыларагьы ҳалацәажәеит. Агәра ганы сыҟоуп Евроеидгыла ашәқәа шаартызаауа, ҳгәаанагарала Евроеидгылахь ирыдыркыло атәылақәа иазгәаҳҭеит, раҧхьа иргыланы, уи Украинеи, Молдовеи, Мраҭашәаратә Балканқәеи роуп, насгьы, Қырҭтәылагьы ирыдыркылап ҳәа ҳгәыҕуеит “, – иҳәеит Анџьеи Дуда.
Дуда ишиҳәаз ала, иара европатәи атәылақәа рхадацәа Евроеидгылаҿ Польша ахантәаҩраан аҧыжәара зауа азҵаарақәа рызцәыригеит. Польша Евроеидгыла ахантәаҩы тәылас иҟалоит 2025 шықәса ажьырныҳәа инаркны.