«Уажәазы Мелиа ихақәиҭтәра акәымкәа, Қырҭтәыла аҧеиҧш ауп зегьы реиҳа ихадоу», — иҳәеит Европарламент адепутати Литва ҧасатәи Аҧыза-министри Андриус Кубилиус ақырҭуа радио аинтервиу анеиҭоз.
«Сара ахҭысқәа зегьы Қырҭтәыла аҧеиҧш иазҧхьагәаҭаны шәрыхәаҧшырц ишәабжьазгоит. Шәара хымҧада иазҧхьагәашәҭароуп абри зегьы Евроеидгыла иреиҳаӡоу алидер Шарль Мишель иҽазышәара шакәыз. Аиқәшаҳаҭра иану зегьы, Шарль Мишель ишәыдигалаз зегьы хшыҩзышьҭра ду азутәуп. Уажәазы Мелиа ихақәиҭтәра мацара акәӡам шәзызхәыцша, раҧхьа иргыланы, Қырҭтәыла аҧеиҧши аинтеграциеи шәазхәыцроуп. «Амилаҭтә ҵысреи» егьырҭ аоппозициатә партиақәеи абри апроцесс иалахәызароуп. Уи аҵакы ду амоуп, избанзар уажәазы Қырҭтәыла аҧеиҧш ауп иӡбатәу, — иҳәеит Андриус Кубилиус.