Андриа  Џьаҕмаиӡе  -  Аҧыза-министр Бақәа аиҧылара мҩаҧиган, агәыҕра ҳазҭаша адырра иоуит, абри ауп  Давиҭ-Гареџьи азҵаараҿы зегьы реиҳа ихадоу
Андриа  Џьаҕмаиӡе  -  Аҧыза-министр Бақәа аиҧылара мҩаҧиган, агәыҕра ҳазҭаша адырра иоуит, абри ауп  Давиҭ-Гареџьи азҵаараҿы зегьы реиҳа ихадоу

«Аҧыза-министр Бақәа аиҧылара мҩаҧиган, агәыҕра ҳазҭаша адырра иоуит, абри ауп  Давиҭ-Гареџьи азҵаараҿы зегьы реиҳа ихадоу», — иҳәеит Апатриархиаҿы иҟоу ауаажәлар рҟны аимадаразы амаҵзура анапхгаҩы  Андриа Џьаҕмаиӡе.

Иара ишиҳәаз ала, еимактәыс иҟоу апроблема Бақәа имҩаҧысуа аиҿцәажәарақәа рыла ирыӡбап ҳәа дгәыҕуеит.

«Аҧыза-министр Бақәа аиҧылара мҩаҧиган, агәыҕра ҳазҭаша адырра иоуит, абри ауп  Давиҭ-Гареџьи азҵаараҿы зегьы реиҳа ихадоу. Ҳара абарҭ аиҿцәажәрақәа ҳрықәгәыҕуеит, еимактәыс иҟоу апроблема аиҿцәажәарақәа рыла ирыӡбап ҳәа ҳгәыҕуеит. Аҧыза-министр ишҳаиҳәаз ала, абри азҵаара аешьцәа реиҧш, ииашаны ирыӡбоит, аконкреттә алҵшәақәа ҳрызҧшып», — иҳәеит Андриа Џьаҕмаиӡе.