Андреи Руденко - Аахыҵ Уаҧстәыла Урыстәыла аилазаарашҟа алалара азҵаара аӡбараан афакторқәа зегьы иазҧхьагәаҭатәуп, агеополитикатә ҭагылазаашьагьы налаҵаны
«Аахыҵ Уаҧстәыла Урыстәыла аилазаарашҟа алалара азҵаара аӡбараан афакторқәа зегьы иазҧхьагәаҭатәуп, агеополитикатә ҭагылазаашьагьы налаҵаны», — иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Андреи Руденко Дума аҿы данықәгылоз.
«Аидҵара азҵаара аӡбара апроцесс аҩ-ганк алахәызароуп. Аахыҵ Уаҧстәыла имҩаҧысуа ареферендум алҵшәақәа ҳрыхәаҧшып, анеҩс, Урыстәылатәи афедерациа агәаанагара еилаҳкаап. Араҟа афакторқәа зегьы иазҧхьагәаҭатәуп, агеополитикатә ҭагылазаашьагьы налаҵаны», — иҳәеит Руденко.
Аурыс дипломат ишиҳәаз ала, уажәтәи аетап азы Урыстәыла анапхгара ареферендум азы аҽазыҟаҵаратә процесс шымҩаҧысуа иацклаҧшуеит.