Андреи Ермак - Украинатәи жәлар ақәаԥара нарыгӡоит, ҳҵакырадгьылқәа рхылаԥшра анҳалшо, усҟан ҳаԥхьаӡоит аиааира ҳгеит ҳәа
Андреи Ермак - Украинатәи жәлар ақәаԥара нарыгӡоит, ҳҵакырадгьылқәа рхылаԥшра анҳалшо, усҟан ҳаԥхьаӡоит аиааира ҳгеит ҳәа

Аилацәажәарақәа рҿы апрогрессиҟоуп ҳәа Украина аԥхьаӡоит Урыстәыла аибашьра аанкылареи украинатәи аҵакырадгьылқәа рдеоккупациеи ирызку аӡбара анаднакыло ашьҭахь, – иҳәеит Украина ахада ифоис анапхгаҩы.

Урыстәылаҟны аилацәажәрақәа рпроцесс данахцәажәоз, Андреи Ермак иазгәеиҭеит Украина апозициа зегьы рзы ишдыру.

“Украинаа аимабшьра иаламгаӡеит. Украина аҵакырадгьылқәа импыҵахалоуп. Украина агрессивтә тәылас ахаан иҟамызт, ҷыдала Урыстәыла аганахьала агрессиа аҭыԥ амаӡамызт. Ҳара ҳзы зегь реиҳа ихадоуп ахьыԥшымреи, асуверенитети атерриториатә акзаареи. Абри ҳазықәԥоит, ҳадгьыли ҳхақәиҭреи рзы”, – иҳәеит Ермак.