Андреи Ермак иҳәамҭала, 12ҩык украинатәи атҟәацәа рхы иақәиҭуп, урҭ иреиуп Змеинии Чернобольтәи атомтә станциеи рыхьчаҩцәа
Андреи Ермак иҳәамҭала, 12ҩык украинатәи атҟәацәа рхы иақәиҭуп, урҭ иреиуп Змеинии Чернобольтәи атомтә станциеи рыхьчаҩцәа

 

Киеви Москвеи рыбжьара атҟәацәа реиҭныҧсахлара абзоурала, 12ҩык украинаа рхы иақәиҭуп. Ари аинформациа алаирҵәеит Украина ахада иофис анапхгаҩы Андреи Ермак.

Ермак иажәақәа рыла зхы иақәиҭу украинаа иреиуп Мариуполи, Чернобольтәи атомтә станциеи, адгьылбжьахала Змеинии ахьчаҩцәа. Иара убас, атҟәараҟынтә рхы иақәиҭуп хабарда иӡит ҳәа иҧхьаӡаз ҩыџьа атәылауаҩратә хаҿқәагьы.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала, аиҭныҧсахлара абзоурала, Урыстәылаҟа ихынҳәит жәҩык аруаа.