Андерс фон Расмуссен - 2008 шықәсазы Нато Урыстәыла арратә потенциал ахәшьара иаша аҭара алымшеит, агха ҟарҵеит Украинеи Қырҭтәылеи алаларазы ауснагӡҳатә палн ахьрырымҭаз
2008 шықәсазы Нато Урыстәыла арратә потенциал ахәшьара иаша аҭара алымшеит, агха ҟарҵеит Украинеи Қырҭтәылеи алаларазы ауснагӡҳатә палн ахьрырымҭаз, – иҳәеит Нато ԥасатәи амаӡаныҟәгаҩ хада Андерс фог Расмуссен “Форин полиси” аинтервиу аҿы/
Расмуссен иажәақәа рыла, Нато апозициақәа реиԥшымра Путин ииашоу асиганл анаҭеит, уи 2008 шықәсазы, Нато асаммит хымз рышьҭахь, Қырҭтәыла дақәлеит. Нато ԥасатәи амаӡаныҟәгаҩ хада игәаанагарала, аҩбатәи агха – 2014 шықәсазы Урыстәыла Қрым аннексиа анымҩаԥнага ашьҭахб, Нато иԥсыҽу ареакциан.
Расмуссен иажәақәа рыла, абри еиԥш аполитика иабзоураны, Урыстәыла ахада адгьылқәа рымпыҵахалара анагӡара сылшоит ҳәа игәы аанагеит.
„Украина ари аибашьраҿ аиааира агароуп, Путин Украина дманшәалахар, уи даангылом. Уи Молдовеи, Қырҭтәылеи Балтиатәи атәылақәеи рҿы рықәыӷәӷәара наигӡоит. Убри аҟынтә, украинаа аиааира ргароуп. Ҳара иҳуалуп урҭ ақәԥара алшара раҳҭар“,- иҳәеит Расмуссен.