Андерс Фог Расмуссен -  Германтәыла Украина абџьар аҭара ахьаҭахымхаз амшала  Путин аибашьраҿ аҭагылазаашьа аҕыҕкра илшеит
Андерс Фог Расмуссен -  Германтәыла Украина абџьар аҭара ахьаҭахымхаз амшала  Путин аибашьраҿ аҭагылазаашьа аҕыҕкра илшеит

 

Германтәыла Украина абџьар аҭара ахьаҭахымхаз амшала  Путин аибашьраҿ аҭагылазаашьа аҕыҕкра илшеит, – иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Андерс Фог Расмусен  BBC Radio 4 аинтервиу аҿы.

Аполитик ишазгәеиҭаз ала, иара Германтәыла аума, европатәи даҽа ҳәынҭқаррак аума, Украинаҟа атанкқәа рдәықәҵара мап ацәыркраны изыҟоу изеилкаауам.

«Ҳара Путин агәымбылџьбаратә астратегиа ҿыцқәа рыхиааларазы  аамҭа иаҳамҭароуп.  Аурысцәа ахыхьчарашҟа аиасра рыдаҳцалароуп», — иҳәеит Расмусен.