Анаклиатәи абаҕәаза аргыларазы жәларбжьаратәи атендер рылаҳәоуп
Анаклиатәи абаҕәаза аргыларазы жәларбжьаратәи атендер рылаҳәоуп

Адунеизегьтәи абанк аахәара апроцедура инақәыршәаны, Анаклиатәи абаҕәаза амшынт инфраструктура апроектаареи аргыларат усураа рымагареи рзы жәларбжьаратәи атендер рылаҳәоуп, – аарыцит Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистрра аҟынтә.

Атендертә документациа идуӡӡоу ԥшьеилахәырак Boskalis, DEME, Jan De Nul, Van Oord рзырышьҭит.

Апорт амшынтә усурақәа реиҳара амшын аҵа арҵаулара иадҳәалоуп, аглобалтә арҵаулара афлот 80% арҭ аилахәырақәа иртәуп.

Аиааира агоит аҳәарақәа/акритериқәа зегьы ирышьашәалазаауа аилахәыра.