"Анадолу" - Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысраан 22-ҩык ҭахеит
"Анадолу" - Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысраан 22-ҩык ҭахеит

“Анадолу” ишаанацҳауа ала, Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра ӷәӷәа аан 22-ҩык ҭахеит

Адгьылҵысра аепицентр атәыла мраҭашәаратәи ахәҭаҿы, Дузџье ақалақь аҿы иҟан. Адгьылҵысра амч 6.0 амагнитуда аман.

Адгьылаҵантәи аахақәа Сҭамԥылгьы иунырыртә иҟан.

Ҭырқәтәыла агеологиатә маҵзура аинформациа ала, шьыжь инаркны адгьылҵысра аепицентр ааигәара 18 адгьылаҵантәи аахақәа ҟалеит. Арегион афымцалашарада аанхеит.