Амшынеиқәатәи арыцтә корридор иазку аиқәшаҳаҭра аҿҳәара иҵегьы  ҩымз ацырҵеит
Амшынеиқәатәи арыцтә корридор иазку аиқәшаҳаҭра аҿҳәара иҵегьы  ҩымз ацырҵеит

Амшынеиқәатәи арыцтә корридор иазку аиқәшаҳаҭра аҿҳәара ҩымз ацҵуп, иҳәеит Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан.

Ҭырқәтәыла ахада украинатәи урыстәылатәи аколлегацәеи, иара убас, ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутиереши рҽазышәарақәа рзы  ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Ҵыҧх, ҧхынгәы азы, ЕАРи, Ҭырқәтәылеи, Урыстәылеи, Украинеи Стамҧыл рнапы аҵарҩит украинатәи амшынеиқәатәи абаҕәазақәа рҟынтәи арыц аекспорт аиҭашьақәыргылара иазку аиқәшаҳаҭра, аха,  2022 шықәса жәабран азы, урыстәыла-украинатәи еибашьра ианалага, аиқәшаҳаҭра аанкылан.