«Amnesty International» ауаҩытәыҩса изинқәа ирызку 2022 шықәсатәи аҳасабырба цәырнагеит
«Amnesty International» ауаҩытәыҩса изинқәа ирызку 2022 шықәсатәи аҳасабырба цәырнагеит. Адокумент аҿы иарбоуп 156 ҳәынҭқаррақәа рҿы, урҭ рыгәҭа Қырҭтәылагьы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа.
Қырҭтәыла иазкны ишазгәаҭоу ала, атәылаҿы ажәа ахақәиҭра иаҳа иҧкуп.
«Алхратә аиашаӡбареи атәыла анапхгара роппонентцәа рышьҭазаареи инагӡон. Аиҳабыра ирыдыркылаз азакәанқәа рымшала дара ацклаҧшразы иаҳа азин роуит, аӡбаратә система ахьыҧшымра ҧсыҽхеит. Аҳәсеи аҧҳәызбацәеи рдискриминациа инагӡон. Ауаҩы иргәаҟра афактқәа қәҿиарала реилыргара азҵаара проблемас иаанхоит аиҳабыра изхылаҧшуа, иара убас, импыҵахалоу аҵакырадагьылқәа рҿы», — иануп «Amnesty International» есышықәсатәи аҳасабырбаҿы.
Адокументаҿ ишазгәаҭоу ала, 2022 шықәсазы Қырҭтәыла аполитикатә кризис инагӡон.
Иара убас, адокументаҿ ажәа ахақәиҭра аганахаьала иҟоу атенденциақәа ирылацәажәоит.
«Amnesty International» ишазгәанаҭо ала, атәыла анапхгара аӡбаратә системазы ирымоу анырра азҳара иаҿуп, аиҳабыра ирҿагыло ауааҧсыреи акритикатә АИХқәеи аполитикатә ашьаҭала рышьҭазаара уажәгьы проблемас иаанхоит. Адокументаҿ иазааҭгылеит Мамука Хазараӡеи, Бадри Џьаҧариаӡеи, Авҭандил Ҵереҭелии русқәеи, иара убас, Михаил Саакашвили изыӡба ахырҧара аус азы ақалақьтә аӡбараҭа ақәҵареи, Ника Гварамиа иус азы аопеллиациатә аӡбарҭа ақәҵареи.