Амиран Гамҟрелиӡе – Қырҭтәыла аепидҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп
Амиран Гамҟрелиӡе – Қырҭтәыла аепидҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп

Аҧсцәа ргәаларшәареи анышәынҭрақәа рышҟа анеиреи аӡәгьы азин шәимихуам, аха, анышәынҭқарақәа рҿы акрыфареи аҩыжәреи иҟамзар еиҕьуп, избанзар, уи аамҭазы авирус ҿышәкаар ауеит, – иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе Актәи аканал аинтериу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла, иарку ақәыҧшыларақәа рҿы асабрадақәа ныҟәгатәуп.

«Иарку ақәыҧшыларақәа рҿы, ҷыдала, ауаа рацәа ахьеизо аныхабаақәа рҿы, хымҧада асабрадақәа ныҟәгатәуп. Аха, зегьы реиҳа ихадоу  — авакцинациа ауп. Аааҧынра ҳҭагылоит, авирус аларҵәара арбага ацлар ауеит, убри аҟынтә, ҭагалан даҽа бустерк ҳҭаххар ауеит“, – иҳәеит  Амиран Гамҟрелиӡе.