Амиран Гамҟрелиӡе  - Қырҭтәыла аҩныҵҟа   «Омикрон» аларҵәара иалагеит
Амиран Гамҟрелиӡе  - Қырҭтәыла аҩныҵҟа   «Омикрон» аларҵәара иалагеит

Иахьазы Қырҭтәыла аштамм Омикрон 253 афактқәа шьақәырҕәҕәоуп, аха, реалра, ари аштамм ҿыркаахьеит ҧшьынтә иаҳа ирацәаны ауааҧсыра, — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе.

Анализ аҟынтә ишеилкаахаз ала, аштамм ҿыц ҿызкааз рҟынтәи 16ҩык ахәыҷқәеи ахбыџқәеи роуп. Аштамм ҿыц ҿызкааз рҟынтәи   67 наӡына авакцинациа наӡа иахысхьеит, насгьы, ааҩык абустертә дозагьы ҟарҵахьеит.

Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, апациентцәа зегьы хар рымамкәа иҟоуп.

Гамҟрелиӡе иажәақәа рыла, анеҩстәи ҩымчыбжь рыҩынуҵҟала атәылаҿы ачымазаҩцәа иаҳа ирацәахар ҟалап, аха, агәабзиарахьчаратә система уи иазыхиоуп.

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы  даҽазнык ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит алаҵақәа ҟарҵарц, асоциалтә дистанциеи асанитартә нормақәеи рыхьчаларц.