Амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак актәи еилатәара мҩаҧнагоит
Амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак актәи еилатәара мҩаҧнагоит

Аҧыза-министр инапхгарала иахьа Амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак актәи еилатәара мҩаҧгахоит.

Аиҳабыра радминистрациа апрессмаҵзура аинформациа ала, Амилаҭтә шәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ифункциа наигӡоит Гьаргь Гахариа.

„Қырҭтәыла Аҧыза-министр Мамука Бахтаӡе инапхгарала, лаҵара 1, асааҭ  12:00 рзы, Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак актәи аилатәара мҩаҧысуеит.  Аиҳабыра рнапхгаҩы идҵа ала, Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа наигӡоит авице-аҧыза, аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Гьаргь Гахариа.  Аҧыза-министр адҵа ҟаиҵеит „Амилаҭтә шәарҭадара аполитика апланшьҭыхреи акоординациеи аҧҟара иазку“ Қырҭтәыла азакәан инақәыршәаны.

Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак дахагылоуп Аҧыза-министр Мамука Бахтаӡе, ахеилак еиҿкаауп ааҩык алахәылацәа рыла.

Ахеилак еснагьтәи алахәылацәа роуп аҩнуҵҟатәи аусқәеи, адәныҟатәи аусқәеи, афинансқәеи рминистрцәеи, аҳәынҭқарратә шәарҭадареи аҧшыхәареи рмаҵзурақәа рнапхгаҩцәеи, атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩи.