«Амилаҭтә ҵысра» апарламентаҿ аусура иазыхынҳәит. Аоппозициа аҟынтә адепутат Леван Бежашавили ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, хәажәкыра 7-8 рзы иҟалаз ахҭысқәа рышьҭахь «Амилаҭтә ҵысра» апарламенттә ҧсҭазаара иазыхынҳәит.
Иара иажәақәа рыла, апартиа ахаҭарнакцәа Қырҭтәыла амилаҭтә интересқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа зегьы рзы апарламенттә усура иалахәызаауеит.