«Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа Михаил Саакашвили аҳәаанырцә ихәышәтәра аҳәарала акциа мҩаҧыргоит
«Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа Михаил Саакашвили аҳәаанырцә ихәышәтәра аҳәарала акциа мҩаҧыргоит

«Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа Михаил Саакашвили аҳәаанырцә ихәышәтәра аҳәарала акциа мҩаҧыргоит. Акциа апартиа аофис хадаҿы иалагеит, анеҩс, акциа алахәылацәа, русҭавтәи абахҭашҟа идәықәлеит.

«Амилаҭтә ҵысра» алахәыла  Нугзар Ҵиклаури ишиҳәаз ала, иахьа апартиа алахәылацәа Баҭыми Қарҭи акциақәа рымҩаҧгара иалагеит.

«Иахьа апартиа алахәылацәа Баҭыми Қарҭи акциақәа рымҩаҧгара иалагеит. Михаил Саакашвили ихадаратә зинқәа еиқәдыршәаанӡа акциақәа мҩаҧаагоит», — иҳәеит  Нугзар Ҵиклаури.