"Амилаҭтә ҵысра" аинформациа инақәыршәаны, Леван Хабеишвили Маик Пенси Кевин Крамери дырҧылеит
«Иаку амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Леван Хабеишвилии апартиа алидерцәа — Ҭина Бокучавеи, Зураб Ҷиаберашвилии, Иракли Қавтараӡеи Вашингтон рвизит нарыгӡоит. Апартиа алидерцәа Америка ҧасатәи авице-ахада Маик Пенси асенатор Кевин Крамери ирҧылеит», — аарыцҳаит «Амилаҭтә ҵысра» апресс-маҵзура аҟынтәи.
«Ҳара Америка ҧасатәи авице-ахада Маик Пенсон ҳиацәажәаратәы алшара ҳаман, ҳтәылаҿ иҟоу апроблемақәеи, урыстәылатәи арежим рымшала ҳажәлар рҭагылазаашьеи, аолигархиатә хырхарҭеи ҳалацәажәеит, уи аҵакы ду аман. Акзаара иаҵанакәа рацәоуп, ҳара излауа ала ирацәаны апартниорцәа ҳамазароуп. Иара убас, асенатор Кремергьы ҳаиҧылеит. Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы ирдыруазароуп урыстәылатәи арежим аҿагыларазы адгылара ҕәҕәа шрымоу. Агәра ганы сыҟоуп ақырҭуа жәлар, Қырҭтәыла ауааҧсыра аиааира шырго. Ҳара, ҳнапқәа еибаркны, аус еицаауеит, апартниорцәа рацәа ҳауеит, аҵыхәтәаны, урыстәылатәи аолигархиатә режим ҳаиааиуеит“, — иҳәеит Леван Хабеишвили.