Амилаҭтә ҵысра адгылаҩцәа Глдантәи абахҭашҟа автомобилтә марш мҩаҧыргеит
«Иаку амилаҭтә ҵысра» адгылаҩцәа Глдантәи абахҭашҟа автомобилтә марш мҩаҧыргеит.
«Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Иракли Надираӡе ишиҳәаз ала, абри акциала Михаил Саакашвили игәы шьҭырхыр рҭахын.
Иара иажәақәа рыла, Михаил Саакашвили атылауаҩратә хәышәтәырҭашҟа диаргаанӡа акциақәа мҩаҧыргалоит.
Надираӡе иҳәамҭала, Саакашвили атәылауаҩратә хәышәтәырҭашҟа диаргар, алидерцәа ахәышәтәырҭа иазааигәаны амитингқәа мҩаҧыргом.