"Амилаҭтә ҵысра" – Аҵысра "Қырҭтәыла адгыларазы" активист Гьаргьы Мумлаӡеи егьырҭи Ника Мелиа икабинет рҽыҩнарыжьны, апровокациа ҟарҵар рҭахын, аха, апартиа алахәылацәа уи еиҧш алшара рырымҭеит
«Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа апартиаҿы иҟалаз аиҿагылара иадҳәаланы аҳәамҭа аладырҵәеит.
Аҳәамҭа ишану ала, аҵысра “Қырҭтәыла адгыларазы” активист Гьаргьы Мумлаӡеи егьырҭи Ника Мелиа икабинет рҽыҩнарыжьны апровокациа ҟарҵар рҭахын, аха, апартиа алахәылацәа уи еиҧш алшара рырымҭеит.
Иара убас, «Амилаҭтә ҵысра» ахаҭарнакәа ишырҳәаз ала, Ауаажәларратә дырраҭара аефир аҿакраан, Гьаргь Мумлаӡеи уи ицыз гәыҧҩык ауааҧсыреи, ателехәаҧшрашҟа инеины, ахьчаҩцәа ишырбоз, Ника Мелиа имашьынарныҟәцаҩ цәгьала иацәҳаит.
Апартиа аҳәамҭаҿы изагәаҭоу ала, апартиа ахантәаҩы иахь акритика иаҿагылом, аха, иаҳаҭыр аларҟәра изақәшаҳаҭхом.
«Иаку амилаҭтә ҵысра» ахатә стратегиа аҧсахуам, изаамҭаным алхрақәа рыла атәыла анапхгара аҧсахра аидеиа иақәныҟәоит, ари аидеиа иазгәыку апартиақәа зегьы аус рыцура иазыхиоуп. Акзаароуп мчыс иҟоу», — иануп аҳәамҭаҿы.