Амилаҭтә банк - Цәыббразы Қырҭтәылаҟа зегьы реиҳа ирацәаны аҧаратә аиагарақәа ҟаҵан еиҭа Евроеидгылеи ЕАШ-и рҟынтә
2024 шықәса цәыббразы атәылашҟа аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара, ҵыԥхтәи иашьашәалоу аамҭа аасҭа 1.1% рыла маҷхан, 283.4 миллион адоллар иаҟарахеит, Қырҭтәылантә аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара, ҵыԥхтәи иашьашәалоу аамҭа аасҭа 16.4% рыла иазҳан, 33.9 миллион адоллар иаҟарахеит, – иануп Амилаҭтә банк аҳасабырба аҿы.
Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аҟынтә ишаарыцҳаз, цәыббразы Урыстәылантә Қырҭтәылаҟа аҧаратә аиагарақәа рҭаӡара, ҵыԥхтәи иашьашәалоу аамҭа аасҭа 40% рыла маҷхан, 36 миллион адоллар иаҟарахеит. Зегьы реиҳа ирацәаны аҧаратә аиагарақәа ҟаҵан Израили (20,4%), Евроеидгыла атәылақәеи (45,6%) ЕАШ-и (17,7%) рҟынтә. Евроеидгыла атәылақәа рҟынтә иалкаатәуп Италиеи, Бырзентәылеи, Германтәылеи.