Амилаҭтә банк - Ԥхынҷкәын азы аҧаратә аиагарақәа 42.4% рыла маҷхеит
Амилаҭтә банк - Ԥхынҷкәын азы аҧаратә аиагарақәа 42.4% рыла маҷхеит

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк аинформациала, 2023 шықәса ԥхынҷкәын азы,Қырҭтәылаҟа ииагоу аԥара ахыԥхьаӡара  308.3 миллион адоллар иаҟарахеит (828.1 миллион лари), ари арбага 2022 шықәса иашьашәалоу апериод еиҿҳарԥшыр, 42.4% рыла маҷхеит (227.0 миллион доллар).

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк  аҟынтә ишаарыцҳаз, зегь реиҳа ирацәаны аԥара иаган Урыстәылантә – 70.58 миллион доллар, аҩбатәи аҭыԥ аҿы иҟоуп Италиа – 49.68 миллион доллар, ахԥатәи аҭыԥ аҿы   – ЕАШ (46.19 миллион доллар), аԥшьбатәи аҭыԥ ааннакылоит Бырзентәыла (22.65 миллион доллар), ахәбатәи аҭыԥ –  Германтәыла (21.57 миллион доллар).

Қырҭтәылантә ииаган 34.0  миллион доллар – ари арбага, 2022 шықәса иашьашәалоу апериод еиҿҳарԥшыр, 0.6% рыла еихеит.