Амиграциа азҵаарақәа рзы амаҵзура аусзуҩцәа 25-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәылантә адепортациа рзыруит
«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциа азҵаарақәа рзы амаҵзура аусзуҩцәа 25-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәылантә адепортациа рзыруит», – аарыцҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтәи.
Қырҭтәылантә адепортациа рызун абарҭ аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа: Азербаиџьан, Мысра, Ҭырқәтәыла, Индиа, Иорданиа, Џьамтәыла, Нигериа, Пакистан, Урыстәыла, Шәамахьтәыла, Китаи – зынӡа 31-ҩык.
Аминистрра адыррақәа рыла, атәымтәылауаа рыхәҭак рхатә гәаҧхарала атәыла иалҵит, егьырҭ мчыла адепортациа рызун. Азакәан инақәыршәаны, арҭ ауаа атәыла алалара азин рымам.