Амиграциа адепартамент аусзуҩцәа 34-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциа адепартаменти аминистрра иашьашәалоу аҟәшақәеи аҵыхәтәантәи амшқәа рзы еицымҩаҧыргаз акомплекстә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, 34-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит.
АҩАР аинформациа ала, атәыла иалырцеит: Индиа, Урыстәыла, Нигериа, Џьамтәыла,Мысра, Азербаиџьан, Туркменистан, Пакистан, Кениа, Шәамахьтәыла, Киргизиа ртәылауаа.
“Азакәан инақәыршәаны, арҭ ауаа атәылашҟа аара азин рымам”, – аарцыҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.