Амиграциа адепартамент аусзуҩцәа 29-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит
Амиграциа адепартамент аусзуҩцәа 29-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциа адепартаменти аминистрра иашьашәалоу аҟәшақәеи аҵыхәтәантәи амшқәа рзы еицымҩаҧыргаз акомплекстә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, 20-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит. Аарыцҳаит АҩАР аҟынтә.

АҩАР аинформациа ала, атәыла иалырцеит: Индиа, Гана, Ҭырқәтәыла, Непал, Туркменистан, Џьамтәыла, Пакистан, Латвиа атәылауаа,  зынӡа 29-ҩык.