Амиграциа адепартамент аусзуҩцәа 26-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциа адепартаменти аминистрра иашьашәалоу аҟәшақәеи аҵыхәтәантәи амшқәа рзы еицымҩаҧыргаз акомплекстә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, 26-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит.
Қырҭтәыла АҩАР адыррақәа рыла, азакәан инақәыршәаны, арҭ ауаа атәыла алалара азин рымам.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, атәыла иалырцеит: Индиа, Ҭырқәтәыла, Китаи, Пакистан, Туркменистан, Ирак, Мысра, Азербаиџьан, Иорданиа, Чад ртәылауаа, зынӡа 26-ҩык.