Амиграциа адепартамент аусзуҩцәа 22-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциа адепартаменти аминистрра иашьашәалоу аҟәшақәеи аҵыхәтәантәи амшқәа рзы еицымҩаҧыргаз акомплекстә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, 22-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит.
АҩАР аинформациа ала, атәыла иалырцеит: Џьамтәыла, Урыстәыла, Ирак, Индиа, Ҭырқәтәыла, Болгариа, Камерун, Иорданиа, Туркменистан, Казахстан, Кениа ртәылауаа.
“Азакәан инақәыршәаны, арҭ ауаа атәылашҟа аара азин рымам”, – аарцыҳаит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә