Амиграциа адепартамент аусзуҩцәа 18-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит
Амиграциа адепартамент аусзуҩцәа 18-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Амиграциа адепартаменти аминистрра иашьашәалоу аҟәшақәеи аҵыхәтәантәи амшқәа рзы еицымҩаҧыргаз акомплекстә усмҩаҧгатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны,  18-ҩык атәымтәылауаа Қырҭтәыла иалырцеит.

АҩАР аинформациа ала, атәыла иалырцеит:  Џьамтәыла, Китаи, Урыстәыла, Нигериа, Мысра, Бангладеш,  Ҭырқәтәыла, Индиа, Пакистан, Узбекистан,  зынӡа 18-ҩык.

Қырҭтәыла АҩАР адыррақәа рыла, атәымтәылауаа рыхәҭак рхатә гәаҧхарала атәыла иалҵит, егьырҭ мчыла  адепортациа рызун. Азакәан инақәыршәаны, арҭ ауаа атәыла алалара азин рымам.