Аметеорологиатә ҭагылазаашьа цәгьа амшала атуристтә обиектқәак аамҭала иаркуп
Аметеорологиатә ҭагылазаашьа цәгьа амшала атуристтә обиектқәак аамҭала иаркуп. Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Ихьчоу аҵакырадгьылқәа рагентра аҟынтәи.
Аинформациа инақәыршәаны, идыркуеит абарҭ аобиектқәа: Саҭаплиа; аҳаҧы Навенахеви; аканион Окаце; аӡхыҽҽа Окаце.
Агентра адыррақәа рыла, Прометеи иҳаҧи Мартвили аканиони абжьааҧнытә режимла аусура иалагоит ажьырныҳәа 5 инаркны.