Америкеи европатәи атәылақәеи ртәылауаа ирабжьаргоит Ливан иқәҵырц, уи атәылашҟа идәықәымларц
Америкеи европатәи атәылақәеи ртәылауаа ирабжьаргоит Ливан иқәҵырц, уи атәылашҟа идәықәымларц

АИХқәа рдыррақәа рыла, Америкеи европатәи атәылақәеи ртәылауаа ирыбжьаргоит Ливан иқәҵырц, ари атәылашҟа идәықәымларц.

Франциа ахатә тәылауаа ирыбжьанагоит Ливанҟа идәықәымларц, ҷыдала ари атәыла аладатәи ахәҭахьы. Уажәааны Америкагьы Ливан иҟоу ахатә тәылауаа ирыбжьанагеит атәылауаҩратә реисқәа ахьынӡаҧыруа ари атәыла иқәҵырц.

Абри аҩызаҵәҟьа ааҧхьара ҟарҵеит Британиа Дуи, Канадеи, Испаниеи, Германтәылеи, Австралиеи.

Ишыжәдыруа еиҧш, иаха Ҕаза асектораҿ ахәышәтәырҭа аракета алахысра  амшала 500ҩык иҭахеит. Убри ашьҭахь, Ливан аладатәи ахәҭаҿы иҟоу агәыҧ «Ҳезболла»  «агәеибакра амш»  аанацҳаит.