Америкеи Евроеидгылеи ишеиқәшаҳаҭхаз ала, дара еицҿакны, Украинеи Қырҭтәылеи ирҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго агрессиа ақәҿырҭуеит
Америкеи Евроеидгылеи ишеиқәшаҳаҭхаз ала, дара еицҿакны, Украинеи Қырҭтәылеи ирҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго агрессиа ақәҿырҭуеит, — иануп Евроеидгыла адипломатиа ахада Жозеп Боррели Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкени Бриуссель имҩаҧгаз аиҿцәажәарақәа рышьҭахь еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿы.
Блинкени Боррели Бриуссель еиҧылеит Америкеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи, адәныҟатәи аполитика априоритетқәеи, ашәарҭадареи, аекономикеи, аглобалтә аҧхаррахареи, акоронавирус апандемиеи ирылацәажәарц азыҳәан.