Америкеи, Евроеидгыла иалоугьы, иаламгьы  аҳәынҭқаррақәеи, Қырҭтәылагьы инрылаҵаны, Аҩадатәи Кореиа ала Урыстәыла абаллистикатә ракетақәа аҭара иақәыӡбо азеиҧш аҳәамҭа аладырҵәеит
Америкеи, Евроеидгыла иалоугьы, иаламгьы  аҳәынҭқаррақәеи, Қырҭтәылагьы инрылаҵаны, Аҩадатәи Кореиа ала Урыстәыла абаллистикатә ракетақәа аҭара иақәыӡбо азеиҧш аҳәамҭа аладырҵәеит

Евроеидгылеи, иара убас, жәабала атәылақәеи, Қырҭтәылагьы инрылаҵаны, Аҩадатәи Кореиа ала Урыстәыла абаллистикатә ракетақәа аҭара иақәыӡбо азеиҧш аҳәамҭа аладырҵәеит.

«Аҩадатәи Корреиа аҟынтә абаллистикатә ракетақәа рекспорти Урыстәыла ала арҭ аракетақәа раахәареи  Украина иаҿагыланы рхархәареи иааҧҵаны ҳақәыӡбоит», — иануп аҳәамҭаҿы.

Иара убас, аҳәамҭа ишану ала, Урыстәыла абџьар аҭара – Урыстәыла Украина имҩаҧнаго аибашьра адгылароуп иаанаго.

«Европеи, Кореиатәи адгьылбжьахалеи, Индо-Аокеанҭынчтә региони ршәарҭадара аганахьала абри аусеицура иахылҵуа алҵшәақәа  ҳдыргәамҵуеит», — иануп аҳәамҭаҿы.

Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнаки аҳәамҭа авторцәеи иаҵшьны иазгәарҭеит Аҩадатәи Кореиа ала Урыстәыла  абаллистикатә ракетақәа аҭара афакт ЕАР Ашәарҭадара ахеилак арезолиуциақәа рацәа шеиланаго.

«Аҩадатәи Кореиеи  Урыстәылеи рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит ЕАР Ашәарҭадара ахеилак абжьагарақәа зегьы ирықәныҟәаны, зыҧшра ҟамҵакәа урҭ реилагара иаҟәыҵырц», — иануп аҳәамҭаҿы.