Америкатә сенаторцәа Џьин Шаҳини Дик Бурбини Қырҭтәылеи Румынтәылеи рвизит иадҳәаланы иҟарҵаз аҳәамҭақәа
Америкатә сенаторцәа Џьин Шаҳини Дик Бурбини Қырҭтәылеи Румынтәылеи рофициалтә визит иадҳәаланы аҳәамҭа аладырҵәеит. Асенаторцәа рҳәамҭа атекст аланарҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа.
Аҳәамҭа ишану ала, дара Қырҭтәылеи Румынтәылеи ирҭаауеит Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа ашьҭахь.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Шаҳини Дурбини аҳәынҭқаррақәа рлидерцәеи, азакәанҧҵаратә органқәа ахаҭарнакцәеи, атәылауаҩратә уаажәларра алахәылацәеи ирҧыланы, ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәеи Амшын еиқәа агеополитикатә аҵаки иалацәажәоит.
«Амшын еиқәа европатәи ашәарҭадаразы ахадаратә ҵакы змоу агеополитикатә регионуп. Владимир Путин ари арегионаҿ инырра арҭбаара дазҿлымҳауп, иара игегемонттә амбициақәа Украина аҳәаақәа ишырҭыҵуа аадыруеит. Америка Амшынеиқәатәи апартниорцәа рҟны активла аусеицура нанагӡароуп, уи аҵакы ду амоуп. Абри азҵаароуп ҳвизитаан аҧыжәара зауа. Ҳпартниорцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит ари азҵаара хшыҩзышьҭра ҷыда азырурц ақырҭуа жәлар иаҳа еиҕьу аҧеиҧш рзеиқәырәшареи арегион аҭышәынтәалара аиқәыршәареи азыҳәан», — иануп Џьин Шаҳин лҳәамҭаҿы.
Асенатор Дик Дурбин иҳәамҭала, Қырҭтәыла ибзиаӡаны ирдыруеит Путин иҟынтә изакәытә шәарҭароу иаауа.
« 2008 шықәсазы Қырҭтәыла ахатә ҵакырадгьылқәа Урыстәыла ала ампыҵахалара иахысхьеит, ақырҭуаа ибзиаӡаны ирдыруеит Путин иҟынтә изакәытә шәарҭароу иаауа. Асовет Еидгыла аилаҳара ашьҭахь ари атәыла атрансатлантикатә демократиақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ахатә ҧеиҧш аиқәыршәара алшара аиуит – ари ахықәкы аҵыхәанӡа инагӡам, аха, ари авизитаан даҽазнык адгылара рзааҳарҧшуеит», — иануп асенатор Дик Дурбин иҳәамҭаҿы.