Америкатә Сенат  Украина адгылратә резолиуциа шьақәнарҕәҕәеит
Америкатә Сенат  Украина адгылратә резолиуциа шьақәнарҕәҕәеит

Америкатә Сенат  Украина адгылратә резолиуциа шьақәнарҕәҕәеит. Ари аинформациа аланарҵәеит агентра  Associated Press.

Арезолиуциа ишану ала, Америка «ашәарҭадаратә, ихьыҧшым, адемократиатә Украина» иадгылоит, украинатәи аҳәаа иазааигәаны аурыс арбџьармчқәа ргылазаара иақәыӡбоит.

Арезолиуциаҿы ахада Баиден иахь ааҧхьара ҟарҵоит Америка анапаҿы иҟоу ахархәагақәа зегьы ихы иархәаны, «Урыстәыла аҽаанкылара адицаларц, Урыстәыла Украина иажәылар, аҭынчра еиқәиршәарц.

Иара убас, атекст аҿы ишазгәаҭоу ала, арезолиуциа иахәаҧштәым Урыстәыла иаҿагыланы амч ахархәара, мамзаргьы, Украина аҵакырадгьыл аҿы америкатә арбџьармчқәа рыргылара алшара ҳасабала.

Асенаторцәа ишазгәарҭаз ала, Америка анапхгара, Конгресс иахьыҧшымкәа, асанкциақәа рышьақәыргылара алшоит.