Америкатә Сенат атәылахьчара арекордтә биуџьет шьақәнарҕәҕәеит
Америкатә Сенат атәылахьчара арекордтә биуџьет шьақәнарҕәҕәеит

Америкатә Сенат 2024 шықәсатәи атәылахьчара биуџьет шьақәнарҕәҕәеит. Амилаҭтә хыхьчара иазоушьҭуп $886  миллиард адоллар, ҵыҧх аасҭа  3% рыла еиҳаны.

Азакәанпроект Ахаҭарнакратә палаташҟа идәықәырҵоит, уаҟа абжьыҭира мҩаҧгахоит ҳазну амчыбжь азы.

Америка амилаҭтә шәарҭадара иазку азакәанпроектла иазҧхьагәаҭоуп Украина ашәарҭадара ацхраара аинициатива  $300  миллион азоушьҭра.

Иара убас, адокументаҿ Амшын еиқәа арегион ашәарҭадарагьы иалацәажәоит.

Адокументаҿ ишазгәаҭоу ала,  НАТО Амшынеиқәатәи арегион иадҳәаланы астратегиа аднакылароуп,  уи Америка аинтересқәа ирыҵанакәеи. Иара убас, ишазгәаҭоу ала,  Амшынеиқәатәи арегион аҟны аусеицура ма ари арегион ацхраара ахымҧадара ахәшьара аҭатәуп, ари аганахьала ҷыдала иалкаауп Украинеи, Румынтәылеи, Болгариеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи.

Атәылахьчаратә биуџьет азакәанпроект ишану ала, амшынеиқәатәи атәылақәа ахадаратә ҵакы рымоуп урыстәылатәи агрессиеи НАТО аҿаҧхьа иқәгылоу аколлективтә шәарҭарақәеи раанкыларазы.  Ахатә ҵакырадгьыл арҭбаареи Амшын еиқәа ала Адгьылбжьаратә мшын ашҟа аҭыҵырҭа ахылаҧшреи иазку Урыстәыла азакәандаратә аҽазкрақәа Америкеи НАТОи рмилаҭтә шәарҭадара иаҧырхагоуп.

Америка Амшынеиқәатәи арегион аҳәаақәа рыҧсахра иазку Урыстәыла аҽазкра иақәыӡбоит.