Америкатә Конгресс Ахаҭарнакцәа рпалата алахәылацәа аспикер Кевин Маккарти дыҧхьартәит
Америкатә Конгресс Ахаҭарнакцәа рпалата алахәылацәа аспикер Кевин Маккарти дыҧхьартәит

Америкатә Конгресс Ахаҭарнакцәа рпалата алахәылацәа аспикер Кевин Маккарти дыҧхьартәит. Ари аӡбара иадгылеит  216ҩык аконгрессменцәа, 210ҩык иақәшаҳаҭымхеит.

Маккарти  иҧхьатәара аҧшьигеит ареспубликатә партиа аҟынтә аконгрессмен  Метт  Гетц,   иара ишиҳәаз ала,  иколлега адемократцәа  дрықәшаҳаҭны, афедералтә аиҳабыра «шатдаун» иацәцарцаз,  45-мштәи абиуџьет рзеиқәиршәеит.  Иара убас, Метт Гетц  Маккарти ихараиҵеит иара Украина аҧара азоушьҭра азҵааразы  маӡала  Џьо Баиден иҟны аилаӡара дақәшаҳаҭхазша.

Америка аҭоурыхаҿ раҧхьаӡа акәны,  ҵаҟатәи апалата аспикер дамхуп.  Маккарти ишиҳәаз ала, иара дшамырхызгьы,  иамхра зыхҟьаз  аӡбара дахьхәом.