Америкатә арра-амшынтә мчқәа рыҕба «Дональд Кук» Қырҭтәыла атерриториатә ӡқәа ирҭалеит
Америкатә арра-амшынтә мчқәа рыҕба «Дональд Кук» Қырҭтәыла атерриториатә ӡқәа ирҭалеит. Баҭымтәи абаҕәазаҿы аҕба иаҧылеит Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакәа аҟәарахьчара аҳәаатә полициа адепартамент адиректор Рамаз Папиӡеи зыӡбахәы ҳәоу аусбарҭа ахаҭарнакцәеи.
Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, авизит амшынтә усхкы аҿы Америкеи Қырҭтәылеи русеицура арҕәҕәара иазкуп.
Иара убас, аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала, авизит мҩаҧысуеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаареи Қырҭтәыла Ачымазарақәа рхылаҧшра ацентри абжьагарақәа инрықәыршәаны. Акоронавирус аларҵәара аҽацәыхьчаразы, аиҧыларақәа мҩаҧысуеит авидеоконференциа аформат аҿы.
«Дональд Кук» Қырҭтәыла атерриториатә ӡқәа ирылҵуеит уаҵәы, жәабран 6 рзы, ақырҭуа аҟәарахьчаҩцәа рҟны азыҟаҵарақәа анымҩаҧыргалак ашьҭахь.